НОВОСТИ

Рашәарамза 15 рзы имҩаԥысит Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак аилатәара
15.06.2023
Поделиться в соцсетях:

Рашәарамза 15 рзы имҩаԥысит Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак аилатәара

Рашәарамза 15 рзы имҩаԥысит Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Ахада иабжьгаҩ Лолуа Р.В. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара азинтә ҟәша аиҳабы Гәниа А.А. злахәыз Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак аилатәара 2-тәи аԥхьараан ахәаԥшра азырхиаразы абарҭ азакәанапроектқәа:

«1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны аибашьратә хҭысқәеи рзы»;  
«Аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥаразы»;
«1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны аибашьратә хҭысқәеи рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан адкылара инамаданы Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа ралагаларазы».
Аилатәара мҩаԥигон Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак ахантәаҩы Шергелиа Т.А.
Ажәалагала ҟаҵаны дықәгылеит Аилак алахәҩы, АП «Амцахара» аҟәатәи аҟәша ахантәаҩы Герхьелиа А. Б.. Уи иазгәеиҭеит акыраамҭа раахыс зыдкылара аҭахны иҟаз аветеранцәа рзы азакәан, уи 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира 30 шықәса ахыҵра ҟалаанӡа адкылара.
Ирыхәаԥшит аветеранцәа азакәан аҟны 35 рҽеира, урҭ рахьтә 13 ирықәшаҭын, 11 рҽеира  амилаҭ-хақәиҭра қәԥаразы азакәан, урҭ рахьтә ирыдыркылеит 2.
Ахцәажәарақәа реихшьалақәа рыла Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак азыӡба аднакылеит азакәанԥҵаратә аԥшьгара азин асубиекти аветерантә еиҿкаарақәеи рыҟнытә иааиз изықәшаҳаҭу арҽеирақәа  азакәанапроектқәа ртекстқәа рылагалара ашьҭахь ааигәа имҩаԥысуа асессиа аилатәараҟны ацәыргаразы.