НОВОСТИ

Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думаҟны имҩаԥысыз  аиԥылараҿы  адепутатцәа апарламентбжьаратә еиқәшаҳаҭра анагӡара иазкыз азҵаарақәа ирылацәажәеит
15.06.2023
Поделиться в соцсетях:

Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думаҟны имҩаԥысыз аиԥылараҿы адепутатцәа апарламентбжьаратә еиқәшаҳаҭра анагӡара иазкыз азҵаарақәа ирылацәажәеит

ИАР Жәларбжьаратәи апарламенттә форум «Пушкин иԥхьарақәа» инарымаданы аусмҩаԥгатәқәа рҳәаа иҭагӡаны имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аделегациеи УА Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламенти УА Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Думеи рыбжьара аусеицуразы Апарламентбжьаратә комиссиа урыстәылатәи аган ацхантәаҩыс иҟоу Пиотр Толстои иԥылара.

Пиотр Толстои аԥснытәи аколлегацәа адырра риҭеит 2022 шықәса ԥхынҷкәынмза 1 азы Аҟәа Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лашеи УА Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володини изҵарҩыз Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламенти УА Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Думеи ирыбжьоу Аиқәшаҳаҭра анагӡаразы иаԥҵоу Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламенти УА Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Думеи рыбжьара аусеицуразы Апарламентбжьаратә комиссиа амш азҵаара ашьақәгылара шымҩаԥысуа атәы.

Акомиссиа ауснагӡатәқәа ирыҵанакуа Апарламентбжьаратә усеицураҟны иактуалтәу азҵаарақәа ирылацәажәо аиԥылара иалахәыз хазы хшыҩзышьҭра арҭеит азакәанԥҵара аинырнаалара, аԥсны-урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәаа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламенти Аҳәынҭқарратә Думеи раппаратқәа русеицура азҵаарақәа аус рыдулара азҵаарақәа.

  Аиԥылара иалахәын Апарламент Аппарат Анапхгаҩы Вадим Бжьаниа, Аҵареи, абызшәатә политикеи, адини, АИХ аусқәа рзи аилак ахантәаҩы Инар Саӡба, Аҵареи, абызшәатә политикеи, адини, АИХ аусқәа рзи аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Левон Галустиан, аҵара аминистр Инал Габлиа,.