Рашәарамза 29 рзы имҩаԥысит Барцыц Алхас хантәаҩра ззиуаз Жәларбжьаратәии апарламентбжьаратәи еимадарақәеи аџьынџьуаа рымадареи рзы аилак аилатәара.
Иахәаԥшит «Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанопроект.
Ари азакәанапроект азырхиан Апарламент зыҵаҩра азырхиахо Аԥсны Аҳәынҭқарра злахәхараны иҟоу жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа, иара убас иазгәаҭоу аиқәшаҳаҭрақәа изыхәҭоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аусбарҭақәа рақәыршаҳаҭра аамҭаҟны ашьақәырӷәӷәара иаҵанакуа жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рыпроектқәа рзы аинформациа аиуразы алшара аҭара хықәкыс иҟаҵаны.
Ахцәажәара ашьҭахь адепутатцәа еицҿакны азыӡба рыдыркылеит ари азакәанапроект имҩаԥысраны иҟоу асессиа аилатәараҟны аԥсахрақәа ҳасаб рзуны аҩбатәи аԥхьараан адкыларазы ирабжьгазарц.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

29.06.2023
Поделиться в соцсетях: