НОВОСТИ

Валентина Матвиенко Ашәба Лаша Жәларбжьаратәи апарламентаризм амш идылныҳәалеит
07.07.2023
Поделиться в соцсетях:

Валентина Матвиенко Ашәба Лаша Жәларбжьаратәи апарламентаризм амш идылныҳәалеит

УА АЕ Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко Аԥсны Жәлар Реизара- Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Жәларбжьаратәи апарламентаризм амш идылныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иҳәоуп:

  «Ҳаҭыр зқәу Лаша Нугзар-иԥа! УА АЕ Афедерациа Ахеилак ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала ишәыдысныҳәалоит Жәларбжьаратәи апарламентаризм амш.
Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада арезолиуциала ишьақәыргылоу ари аныҳәа иаҳәоит атәылақәеи ажәларқәеи рыбжьара аҭынчреи аилибакаареи рырӷәӷәараҟны апарламенттә дипломатиеи азакәанԥҵаҩцәеи инарыгӡо ароль атәы.

Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рыҟны акризистә цәырҵрақәа есааира иазҳауеит. Еидгылоу Мраҭашәара жәларбжьаратәи ашәарҭадара асистема ахырбгара иаҿуп, ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа рхы рыларгалоит, аилаҩынтрақәа, аимак ҿыцқәа цәырнагоит.

Аха хырхарҭак змоу адунеи аамҭа ииасуеит, иахьа, аглобалтә шәарҭарақәеи ауаажәларратә еиҭакрақәеи раан апарламентаризм аинститут арӷәӷәара актуалра ду амоуп.
Урыстәылеи Аԥсни рзакәанԥҵаҩцәа аусеицуразы ирымоу агәаҳәара ирзеиԥшу аҵасқәеи, атрадициақәеи, акультуреи рымацара ракәӡам ҵаҵӷәыс иамоу. Урҭ агәра ргоит апарламентбжьаратә еимадара арҿиара ҳҳәынҭқаррақәа рмилаҭтә интересқәа ишрықәшәо.
УА Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак аҟны агәра ганы иҟоуп зыҩаӡара ҳараку Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент аус ацура аԥхьаҟагьы иацҵалатәуп ҳәа, иактуалтәу ҩ-ганктәии жәларбжьаратәии азҵаарақәа жәпакы рыла апозициақәа реизааигәатәрала, Урыстәылеи Аԥсни рҿаԥхьа иқәгылоу ихадароу азҵаарақәа рыӡбара ацхраарала.
  
Ҳаҭыр зқәу Лаша Нугзар-иԥа, Шәаргьы Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутатцәагьы гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит ахирра, аҭакԥхықәра ду зцу азакәанԥҵаратә усураҟны аихьӡарақәа».