НОВОСТИ

Ашәба Лаша аҟәаа Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа амш рыдиныҳәалеит
08.07.2023
Поделиться в соцсетях:

Ашәба Лаша аҟәаа Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа амш рыдиныҳәалеит

Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент  Аиҳабы Ашәба Лаша аҟәаа Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа амш рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

"Ҳаҭыр зқәу аҟәаа!

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Ақалақь амш!
Аҟәа ақалақь аҭоурых – ҳҳәынҭқарра ажәытәи аҿатәи иузырҟәымҭхо иадҳәалоуп.
  2500 шықәса реиҳа зхыҵуа Аҟәа – зхатә традициақәа змоу, зсоциал-економикатә инфраструктуреи жәларбжьаратәи аимадарақәеи рыла ибеиоу қалақьуп, Аԥсны ҳаамҭазтәи аԥсҭазаара ахаҿырацәара зегьы зныԥшуа центруп.  
Ари ақалақь иалҵит иналукааша аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩцәа, афырхацәа – Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа, еицырдыруа аҵарауаа, акультура аусзуҩцәа, аспортсменцәа.
Ақалақь Амш – ақалақьуаа рабиԥарақәа зегьы еидызкыло ныҳәоуп. Гәадурала иазгәаҳҭоит урҭ рықалақь гәакьа ашҟа ирымоу агәбылра, аибашьреи уи ашьҭахьтәи ашықәсқәеи раантәи аԥышәара хьанҭақәа ириааины иаадырԥшуаз ахачҳара, агәкамыжьра, ҳтәыла аиҭашьақәыргылараҟны рлагаламҭа.  
Абри аныҳәамш аҽны ҳара агәра аагоит Аҟәа иаланхо ҳауаажәлар аамҭақәа зегьы раан зықалақь бзиа избоз, уи ахыԥша бзиа еихазҳауаз, аҿиараҟны зылшамҭақәа рацәоу ауаа ишырҿыԥшуа.
Акыр иаԥсоу аҟәаа! Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, ахирра, ҳаҳҭнықалақьи ҳтәылеи реизҳазыӷьара ахьӡала шәааԥсараҟны аихьӡарақәа!"