Апарламент аҟны Бадрик Ԥлиа ихантәаҩрала имҩаԥысит Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиқәеи рзы аилак аилатәара.
Аилак алахәцәа алацәажәеит Аҟәа ақ. Адлеиба имҩаҟны иҟоу амазаратә комплекс «Аҟәатәи аԥсыӡкомбинат», априватизациа иаҵанакуа аобиектқәа 13 априватизациа ахыԥхьаӡалареи урҭ априватизациа рзура аԥҟарақәа рышьақәырӷәӷәареи, Аҟәа ақалақь Ҟабардатәи амҩа, 7 аҟны иҟоу амазаратә комплекс «Атуристтә сасааирҭа «Амтҟьал» априватизациа иаҵанакуа аобиектқәа рхыԥхьаӡалареи урҭ априватизациа рзура аԥҟарақәа рышьақәырӷәӷәареи» рзы ақәҵарақәа рыпроектқәа. Азыӡба рыдыркылеит Апарламент ааигәа имҩаԥысуа асессиа аилатәараҟны ашьақәырӷәӷәара абжьыргарц.
Амш азҵаара инақәыршәаны иахәаԥшын аекскурсиа амҩаԥгаҩцәа, агид-аиҭагаҩ раҳасабала иқәгыло рганахь ирыдгалахо аԥҟарақәа инарымаданы аттестациа ахысразы «Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны атуристтә усуразы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан апроект.
Ари азакәанапроект ахцәажәара иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра Атуризм аминистрра ахаҭарнакцәа. Аилак азыӡба аднакылеит ари азакәанапроект Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент изаамҭанытәиу асессиа аилатәара амш азҵаара алаҵаразы, насгьы актәи аԥхьараан ирыдыркыларц азы рабжьыргарц.
Анаҩс адепутатцәа ахәаԥшит икоммерциатәым апартниорра «Аԥсны ачаӡыҩцәа реидгыла» аҟнытә иааиз ааԥхьара. Ари аидгыла иҟанаҵаз ааԥхьараҟны аҳәара ҟанаҵоит акоммерциатәу аиҿкаарақәа рзы ача ахәԥсақәа рҳәаақәҵара аԥыхразы алшара рырҭарц, ачашыла ахә еиԥш егьырҭ афатә аалыҵқәагьы рыхәқәа иахьрыцлаз, иара убас афымцамч иадҳәалоу азҵаарақәагьы азгәаҭаны. Ари азҵаара алацәажәара иалахәын аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩ Емма Голеузова уҳәа амистрра егьырҭ ахаҭарнакцәа, иара убас ачеи ачаа алыхқәеи ҭзыжьуа аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа.
Аилак алахәцәа ирыӡбеит ари ааԥхьара инарҭбааны ари аусхк иадҳәалоу егьырҭ аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа алархәны иацырҵарц.
ПОПУЛЯРНОЕ
- АҦСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА АҚӘҴАРА
- Имҩаҧысит Абиуџьет, акредиттә еиҿкаарқәа, ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы аилак аилатәара
- Иазԥхьагәаҭаз Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәара мҩаԥымсӡеит
- Валери Кәарҷиа Екатерина Бебиа Лымшира лыдиныҳәалеит
- Аграртә политикеи, аҧсабаратә лшарақәеи, аекологиеи рзы аилак инарҭбаау аилатәара
НОВОСТИ

13.07.2023
Поделиться в соцсетях: