НОВОСТИ

Ашәба Лаша Никарагуа Амилаҭтә Ассамблеииа Ахантәаҩы Асандинисттә ареволиуциа Амш идиныҳәалеит
19.07.2023
Поделиться в соцсетях:

Ашәба Лаша Никарагуа Амилаҭтә Ассамблеииа Ахантәаҩы Асандинисттә ареволиуциа Амш идиныҳәалеит

Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Никарагуа Амилаҭтә Ассамблеииа Ахантәаҩы Густаво Едуардо Поррас Кортес ихьӡала идәықәиҵаз адныҳәалара атекст аҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

«Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ҳаҭыр ду шшәықәысҵо азгәаҭаны, Шәара аԥхьа шәнаргыланы, Амилаҭтә Ассамблеиа адепутатцәа, Никарагуа Ареспублика ажәлар зегьы ишәыдысныҳәалоит Асандинисттә ареволиуциа Амш!  
Амилаҭтә фырхаҵа – ареволиуционер Аугусто Сесар Сандино идгылаҩцәа рфырхаҵареи рыгәаӷьреи ирыбзоураны, Никарагуа америкатәи арежим аҟнытә ахы иақәиҭызтәыз Асандинисттә револиуциа 1979 шықәса ԥхынгәымза 19 рзы Аиааира агарала Никарагуа Ареспублика аҳәынҭқарратә суверенитет шьақәыргыланы уи атәылауаа ари адгьыл аҟны адемократиа
апринципқәа рынагӡаразы алшара рзаԥҵан. Ииасыз ашықәсқәа рыҩныҵҟала
Никарагуа Ареспублика политикала, економикала ашьақәгылареи аҿиареи рзы изнысыз амҩа мариамызт.
    Аԥсны ирдыруеит иагьыргәалашәоит Никарагуа ажәлар абџьаршьҭыхла ахьыԥшымразы ианықәԥоз аамҭазтәи ахҭысқәа. Амилаҭтә хақәиҭтәразы Асандинисттә қәԥара иалахәызи Никарагуа ажәлари рганахьала иҟаз аиҩызареи адгылареи ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара ганрацәалатәи аизыҟазаашьақәа рыҿиара лабҿаба избо Аԥсны Аҳәынҭқарра абиԥара ҿыцқәа рахьгьы ииасуеит.
              
Ҳара иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит Никарагуа Ареспублика Ахада – Асандинисттә револиуциа аԥхьагыла Даниель Ортега Сааведра 2008 шықәса цәыббрамза 3 рзы Никарагуа Ареспублика Ахада иаҳасабала Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаҩрала иҟаиҵаз ашьаҿазы. Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи азхаҵара аус аҟны Никарагуа Ареспублика алагаламҭа ахә ашьара уадаҩуп.

Никарагуа Ареспублика анапхгара аҩныҵҟатәии адәныҟатәии  аполитика анагӡараан жәларбжьаратәи азин азеиԥшзхаҵара змоу апринципқәеи анормақәеи ишрыдгыло аанарԥшуеит. Ҳара гәахәала
иазгәаҳҭоит ҳтәылақәа рыбжьара аусеицура қәҿиарала ишымҩаԥсыуа атәы.
2010 шықәса ԥхынгәымза 20 рзы изҵаҩу Аԥсны Аҳәынҭқарреи Никарагуа Ареспубликеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы аиқәшаҳаҭра хада шьаҭас иаҭаны аҿиара иаҿу аԥсны-никарагуатәи аиқәшаҳаҭра-зинтә шьаҭа наҟ-ааҟ ҳажәларқәа ринтересқәа ирықәшәоит.
  
Шәараҳаракыра! Ҳара агәра ҳгоит ҳпарламентқәа рыбжьара аԥхьаҟатәи аусеицура Аԥсны Аҳәынҭқарреи Никарагуа Ареспубликеи рыбжьара ганрацәалатәи аизыҟазаашьақәа есааира рымҽхак арҭбаара ишацхраало.

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала Амилаҭтә Ассамблеиа адепутатцәа ишәзеиӷьасшьоит аҳәынҭқарратә уснагӡатәқәа рыӡбара иазку аусураҟны аихьӡарақәа, никарагуатәи ажәлар зегьы аҭынчреи аизҳазыӷьареи.
  Ҳаҭыр зқәу Густаво Едуардо Поррас Кортес, бзиала шәаабеит ҳәа шәаҳҳәоит есқьынгьы асас идкылара иахьазыԥшу ҳтәылаҟны, ҳгәы иаанагоит Аԥсны Аҳәынҭқарра шәаҭаап ҳәа Шәара иаҳа анышәзыманшәалоу аамҭазы».