НОВОСТИ

Ашәба Лаша: «1992 ш. нанҳәамза 14 рзы Аԥсны жәлар ҳтәыла ижьышо иақәлаз агрессор иҿагылеит, ибзиангьы ирдыруан хьаҵра шыҟамлоз, ҳ-Аԥсадгьыл Аԥсны алахьынҵа рнапы ишаныз
14.08.2023
Поделиться в соцсетях:

Ашәба Лаша: «1992 ш. нанҳәамза 14 рзы Аԥсны жәлар ҳтәыла ижьышо иақәлаз агрессор иҿагылеит, ибзиангьы ирдыруан хьаҵра шыҟамлоз, ҳ-Аԥсадгьыл Аԥсны алахьынҵа рнапы ишаныз

Нанҳәамза 14 рзы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалагаз аахыс 31 шықәса аҵра инамаданы Аԥсны жәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.

Ааԥхьара атекст аҟны иҳәоуп:
:

«Акыр иаԥсоу 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа!

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!


1992 шықәса нанҳәамза 14 рзы Аԥсны жәлар ҳтәыла ижьышо иақәлаз агрессор иҿагылеит, ибзиангьы ирдыруан хьаҵра шыҟамлоз, ҳ-Аԥсадгьыл Аԥсны алахьынҵа рнапы ишаныз.
   Аибашьра иаанагаз агәырҩа, ахьаа еиҳагьы еиднакылеит милаҭрацәала еилоу ҳреспублика ауааԥсыра зегьы, ари аидгыларала иагьалыршахеит ихьыԥшым рҳәынҭқарраҟны анхара-анҵыразы ирымаз азин ахьчара.
  Ҳаԥсадгьыл ахьчаҩцәа рыԥсы аҵкыс рыԥсадгьыл еиӷьашьаны, ирымаз зегь реиҳа хәы змаз – рыԥсҭазаара Рыԥсадгьыл ахақәиҭра иақәырҵеит. Аԥсны жәлар рхақәиҭратә қәԥараҟны иргаз Аиааира иахҭынҵоу рацәоуп.
Хашҭра рықәӡам ҳ-Аԥсадгьыл Аԥсны зхы ақәызҵаз зегьы!  
Иахьа ҳара зегьы урҭ ргәалашәара аҿаԥхьа ихадароу уснагӡатәны иаҳзықәгылоуп Аԥсуа ҳәынҭқарра аргылареи, арӷәӷәареи.».


  2023 ш. нанҳәамза 14


Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент
            Аиҳабы                                                                Ашәба Л.