НОВОСТИ

Ашәба Лаша: "Ашкол дарбанзаалак ауаҩы илахьынҵаҟны аҭыԥ ҷыда ааннакылоит"
01.09.2023
Поделиться в соцсетях:

Ашәба Лаша: "Ашкол дарбанзаалак ауаҩы илахьынҵаҟны аҭыԥ ҷыда ааннакылоит"

Аԥсны жәлар Реизара Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи Адыррақәа рымш рыдиныҳәалеит.

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа рыхьӡала аҵарашықәс ҿыц алагамҭа шәыдысныҳәалоит!

Цәыббрамза актәи амш – игәхьааибаго реиԥылара иацу агәырӷьара, ашәҭқәа, агәалаҟазаара ссир иамшуп есқьынгьы, убри аҟнытә раԥхьа инаргыланы, ҳрыдныҳәалоит ашколхәыҷқәеи астудентцәеи, урҭ рҭаацәеи, ҳтәылаҟны иҟоу аҵараиурҭақәа зегьы рырҵаҩцәеи.

Абри амш аҽны ашкол аклассқәеи астудентцәа раудиториақәеи ирҩнало  алшара дуқәа рзаатуеит адырра ҿыцқәа риуразы.

Ашкол дарбанзаалак ауаҩы илахьынҵаҟны аҭыԥ ҷыда ааннакылоит. Гәыблыла ҳрыдныҳәалоит актәи акласс ахь иааз ахәыҷқәа. Арҵара апроцесс еиҭа иазыхынҳәыз зегьы ирзеиӷьаҳшьоит аԥхьаҟа рыԥсҭазаараҟны изнылараны иҟоу амҩазы рҟыбаҩ қәҿиарала аарԥшра.

Ҳара ҳҿы ҳаҭырла ирзыҟоуп Аԥсны абиԥара ҿыцқәа реиҵааӡараҟны злагаламҭа дуу - арҵаҩцәа. Гәахәарала арҵаҩцәа зегьы ирзеиӷьаҳшьоит рҵаҩцәа иаадырԥшуа аихьӡарақәа рыла ргәы дуны, рзанааҭ аҟны аихьӡара ҿыцқәа, аҭҵаарадырратә, арҿиаратә иааирақәа рымазарц, агәабзиара, ахирра, изҭало аҵарашықәс ҿыц аҟны ақәҿиарақәа.