Дауҭ Хәутаба ихантәаҩрала имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак аилатәара.
Аилатәара амш азҵаара инақәыршәаны ирыхәаԥшын «Аиааира Амши Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымреи 30 шықәса рхыҵра – 2023 шықәса цәыббрамза 30 инақәыршәаны амнистиа алаҳәаразы», «Аиааира Амши Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымреи 30 шықәса рхыҵра – 2023 шықәса цәыббрамза 30 инақәыршәаны амнистиа алаҳәаразы» Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ақәҵара ахархәара аԥҟарақәа рзы» ақәҵарақәа рыпроектқәа.
Аилатәара иалахәан иааԥхьаз: Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа ахантәаҩы Саида Быҭәба, Апрокурор хада
Адгәыр Агрба, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Ҭенгиз Нарманиа.
Арҭ ақәҵарақәа рыпроектқәа рыхцәажәара ашьҭахь аилатәара иалахәыз ирыӡбеит урҭ иацҵаны иҭҵааны хара имгакәа ражәалагалақәа Аилак аҟны иқәдыргыларц.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

19.09.2023
Поделиться в соцсетях: