НОВОСТИ

Ашәба Лаша Аԥсны жәлар Аҟәа ахақәиҭтәра 30 шықәса ахыҵра амш рыдиныҳәалеит
27.09.2023
Поделиться в соцсетях:

Ашәба Лаша Аԥсны жәлар Аҟәа ахақәиҭтәра 30 шықәса ахыҵра амш рыдиныҳәалеит

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, Аԥсны жәлар ирыдиныҳәалеит Аҟәа ахақәиҭтәра 30 шықәса ахыҵра амш.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Акыр иаҳзаԥсоу 1992–1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа!
Ҳаҭыр зқәу аҟәаа!

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала шәаргьы, Аԥсны жәлар зегьы схы шәықәкны ишәыдысныҳәаларц сҭахуп ҳаҳҭнықалақь Аҟәа ақырҭуа агрессор дықәцаны ахақәиҭтәра 30 шықәса ахыҵра амш!  

1993 шықәса цәыббрамза 27 – аҵак ду змоу, ахааназ ҳҭоурых ианылаз рыцхәуп. Абри амш аҽны ҳара иаҳгәалаҳаршәоит 1992–1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз иаадырыԥшыз афырхаҵара атәы. Ҷыдала иазгәаҳҭоит урҭ ргәымшәареи рхачҳареи. Хьааны иҳацуп есқьынгьы ҳаԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз зегьы.

Аҟәа ауааԥсыра ирхашҭӡом ҳаҳтнықалақь ахақәиҭтәраан иҭахаз ҳфырхацәа, иахьа ҿыц игыло абиԥарақәа ирымардоит рықалақь гәакьа ашҟа абзиабара.

Абри аныҳәамш азы зегьы ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, аихьӡарақәа дасу инапы злаикуа аусқәа рыҟны, ҩнаҭацыԥхьаӡа аизҳазыӷьара агымзааит!»