Цәыббрамза 17, Аҟәа Ахақәиҭтәра амш 30 шықәса ахыҵра амш аҽны Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лашеи адепутатцәеи Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз р-Мемориал амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Ари аусмҩаԥгатә иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥыза-министр Александр Анқәаб, Аиҳабыра алахәцәа, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз аибашьцәа ранацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, ашколхәыҷқәа.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

27.09.2023
Поделиться в соцсетях: