НОВОСТИ

Валентина Матвиенко Лаша Ашәба аҳәынҭқарратә ныҳәа идылныҳәалеит
30.09.2023
Поделиться в соцсетях:

Валентина Матвиенко Лаша Ашәба аҳәынҭқарратә ныҳәа идылныҳәалеит

УА Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы  Валентина Матвиенко Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи адепутатцәеи Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш идылныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«УА Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак ахьӡала Шәаргьы шәколлегацәагьы ишәыдысныҳәалоит Аиааиреи ахьыԥшымреи рымш.
Аԥсны атәылауаа рзы ари арыцхә аҵак ду амоуп, аҳәынҭқарра аҿиареи асуверенитети ирсимволуп. 30 шықәса раахыс ареспублика шьаҿа ӷәӷәала аҭышәынтәалареи аизҳазыӷьареи, ауааԥсыра рыԥсҭазаашьа аиӷтәреи рымҩа иануп.
2023 шықәсазы ҳара иазгәаҳҭеит УА аганахьала Аԥсны Аҳәынҭқарра азхаҵара. Афедерациа Ахеилак аҟны ахә ҳаракны иршьоит Урыстәылеи Аԥсни рыжәларқәа риашьаратә еидгылара, наҟ-ааҟ лыҵшәабзиала аусеицуреи аидгыларатә еизыҟазаашьақәеи рырҭбааразы ирылшо зегьы ҟарҵоит. Уи зырҵабыргуа акәны иҟоуп ҳтәылақәа рзакәанрҿиаҩцәа ирыбжьоу аиамадарақәа, урҭ хықәкыс ирымоуп урыстәыла-аԥснытәи аусеицура ганрацәалатәи арҭбаара.
Ҳаҭыр зқәу Лаша Нугзар-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аҭакԥхықәра зцу аҳәынҭқарратә маҵзураҟны аихьӡара ҿыцқәа, ҳаиҩызаратә аԥсуа жәлар  - аҭынчра, аизҳазыӷьара, ахирра».