Цәыббрамза 30 – Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш азы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи Апарламент адепутатцәеи Аҟәа Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны Амемориал амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Ари аусмҩаԥгатә иалахәын Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа, Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥыза-министр Александр Анқәаб, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Алада Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аԥсны иҟоу Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Ахаҭарнакра ахада Гарри Кәупалба, иҭахаз ранацәа, аветеранцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

30.09.2023
Поделиться в соцсетях: