НОВОСТИ

Имҩаԥысит апарламенттә еилакы аилатәара АА Атәылахьчара аминистрра алархәны
18.10.2023
Поделиться в соцсетях:

Имҩаԥысит апарламенттә еилакы аилатәара АА Атәылахьчара аминистрра алархәны

Имҩаԥысит Ҭемыр Шергелиа хантәаҩра ззиуаз Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Апарламент аилак инарҭбаау аилатәара.

Аилатәара иалахәын Аԥсны Жәлар Реизара Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша, адепутатцәа, тәылахьчара аминистр Владимир Ануа, уи ихаҭыԥуаҩ Нодар Аҩӡбеи егьырҭ, Амитистрра ахаҭарнакцәа, Аԥсны Ахада амилаҭтә шәарҭадареи атәылахьчареи рызҵаарақәа рзы иабжьгаҩ   Рауль Лолуа.
Аилатәараҟны иалацәажәеит атәыла ахьчареи ашәарҭадареи ирызку иактуалтәу ахҵаарақәа, имҩаԥган Кавказ иҟоу аҭагылазаашьа инамаданы ари аусхк аҟны имҩаԥысуа аусура анализ    
Аилатәара алахәцәа аԥхьаҟагьы аҳәынҭқарра ахьчаралшара иазку аусеицура иацҵатәуп ҳәа ирыԥхьаӡеит.