НОВОСТИ

Имҩаԥысит апарламент ҭагалантәи асессиа аилатәара
02.11.2023
Поделиться в соцсетях:

Имҩаԥысит апарламент ҭагалантәи асессиа аилатәара

Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша ихантәаҩрала имҩаԥысит изаамҭанытәиу Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ҭагалантәи асессиа аилатәара.
Ирыхәаԥшит иагьрыдыркылеит аҵыхәтәантәи аԥхьараан Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанқәа:    «Аԥсны Аҳәынҭқарра 2023 шықәсазтәи Атәанчаратә фонд абиуџьет азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы».
«О проекте «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳазалхратә закәанеидкыла» апроект № 1179-VII азы»
«Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳазалхратә закәанеидкыла аусура аларгаразы».
  «Аԥсны Аҳәынҭқарра Арепатриациа 2023 шықәсазтәи афонд азы «Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахралақәа ралагаларазы»
Ажәахәҟаҵаҩ – Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь.

  «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә мчхара иреиҳаӡоу аусбарҭақәа реилазаарақәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭыԥантәи ахаланапхгара аусбарҭақәеи рыҟны аџьаԥса ашәараҿы амаҵзура ақәнагаразы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахралақәа ралагаларазы».
Ажәахәҟаҵаҩ – Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Маршьан.

«Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа раметриал-техникатә еиқәыршәара аамҭа-аамҭала аизырҳаразы ахарџьқәа рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа руалафахәқәеи рсоциалтә хәдықәҵарақәеи  афинансеицазаушьҭразы 2020 шықәса жьҭаарамза 23 аҟнытә Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәаразы».

«2012 шықәса лаҵарамза 28 аҟнытә тауарла ахәаахәҭра арежим азы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра аԥсахрақәа ралагаларазы Аԥкаанҵа ашьақәырӷәӷәаразы».
Ажәахәҟаҵаҩ – Апарламент аҟны Аԥсны Ахада ихаҭарнак, аиустициа аминистр Анри Барцыц.

«Ацәгьоуратә хашәалахәқәа рлегалтәреи атерроризм афинанс азоушьҭреи раанкыларазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект № 639-V аанкыларазы»
  – Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь.

Ирыхәаԥшит, актәи аԥхьараан ирыдыркылеит азакәанапроектқәа:
«2023 шықәсазтәи Ареспубликатә  биуџьет азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы»
Ажәахәҟаҵаҩ – Аԥыза-министр, афинансқәа рминистр Владимир Делба.
«Административтә зинеилагарақәа рзы аусеилыргаразы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәанеидкыла аԥсахрақәа ралагаларазы .
Ажәахәҟаҵаҩ – Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Маршьан.
«Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны атәымтәылауаа рзинтә ҭагылазаашьазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагларазы».
Ажәахәҟаҵаҩ – Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак ахантәаҩы Ҭемыр Шергелиа
Ирыхәаԥшит, ирыдыркылеит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ақәҵарақәа:

«Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара ЗҲӘА «Гәылрыԥшь 2023» 4,5 га зҵазкуа адгьыл ҭыԥ есқьынагьтәи хархәаразы аҭарази  Бабышьира ақыҭа, 2-тәи Бабашьыратәи амҩаҟны  4,0 га зҵазкуа адгьыл ҭыԥ асасааирҭатә хкы аргыларазы «ақыҭанхамҩатә ҵакы змоу адгьыл» акатегориаҟнытә «аиҭашьақәыргыларатә ҵакы змоу адгьыл» акатегориахь аиагара ақәиҭтәразы».
«Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара  зҭакԥхықәра ԥку ауаажәларра «Гермес Треид» Аҟәа араион Ешыра ақыҭаҟны 2,4 га зҵазкуа адгьыл ҭыԥ есқьынагьтәи ахархәаразы аҭара ақәиҭтәразы».
«Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара  зҭакԥхықәра ԥку ауаажәларра «Инвест-Сим» Гагра араион Алаҳаӡы ақыҭаҟны 1,72 га зҵазкуа адгьыл ҭыԥ есқьынагьтәи ахархәаразы аҭара ақәиҭтәразы».
«Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара аамҭала ахархәаразы 25 шықәса ҿҳәарас иаҭаны қьырала зҭакԥхықәра ԥку ауаажәларра «Абырлаш 23» Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭаҟны 8,0 га зҵазкуа адгьыл ҭыԥ асасааирҭатә хкы змоу аобиект аргыларазы аҭара ақәиҭтәразы».
«Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара Дранда ақыҭаҟны 1 га зҵазкуа адгьыл ҭыԥ «ақыҭанхамҩатә ҵакы змоу адгьыл» акатегориаҟнытә «аиҭашьақәыргыларатә ҵакы змоу адгьыл» акатегориахь аиагара ақәиҭтәразы».
Ажәахәҟаҵаҩ – Аграртә политикеи, аҧсабаратә лшарақәеи, аекологиеи рзы аилак ахантәаҩы Ҭемыр Беиа.