Абҵарамза 12 рзы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша, Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ашот Миносиан, адепутатцәа Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан аҭоурыхтә ҭыԥ Лыхнашҭа традициала имҩаԥысуа ҭагалан ныҳәа иаҭааит.
Аныҳәаҿы ицәырган ачыс, ҭагалантәи ашәыр, ауҭраҭых, анапкымҭақәа. «Лыхнашҭа» аныҳәазы ҷыдала иазырхиан аконцерттә программа. Акәашаратәи авокалтәи коллективқәа, аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәа инарыгӡеит аԥсуа шәақәа, акәашарақәа. Иара убас абри аҽны имҩаԥысит амилаҭтә спорттә еиндаҭларақәа, ахыци ахәымпали рыла ахысрақәа рзы аицлабра.
ПОПУЛЯРНОЕ
- АҦСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА АҚӘҴАРА
- Имҩаҧысит Абиуџьет, акредиттә еиҿкаарқәа, ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы аилак аилатәара
- Иазԥхьагәаҭаз Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәара мҩаԥымсӡеит
- Валери Кәарҷиа Екатерина Бебиа Лымшира лыдиныҳәалеит
- Аграртә политикеи, аҧсабаратә лшарақәеи, аекологиеи рзы аилак инарҭбаау аилатәара