Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәеи аветеранцәеи азанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Роберт Витали-иԥа!
Ҳаҭыр зқәу Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәеи аветеранцәеи!
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Амилициа амш!
Шәышықәса инареиҳаны изхыҵуа ҳреспублика амилициа ауаажәларратә еиҿкаара зыхьчо жәлар ирусбарҭаны иҟалеит. Аԥсуа милициа анаԥҵоу инаркны уи аусзуҩцәа рабиԥарақәа закәанла ишьақәыргылоу анормақәа ауасхыр рзышьҭаҵаны, аԥхьаҟагьы рырҿиара, рышьақәырӷәӷәара рылшеит.
Агәымшәара, ламысцқьала, ҭакԥхықәрала аус азнеира, ауааԥсыра рганахьала ирымаз агәрагара ҳмилициа аусзуҩцәа ҳҭоурых аҟны еиуеиԥшым аамҭақәа раан иуадаҩыз ауснагӡатәқәа рыӡбара рылдыршон.
Аветеранцәа рԥышәа ду ҿырԥшыганы ирымоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа иахьа ирыҵагыло аҿаргьы.
Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахьӡала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, ҳҳәынҭқарра ахьӡала имҩаԥыжәго аусураҟны аихьӡарақәа!»
ПОПУЛЯРНОЕ
- АҦСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА АҚӘҴАРА
- Имҩаҧысит Абиуџьет, акредиттә еиҿкаарқәа, ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы аилак аилатәара
- Иазԥхьагәаҭаз Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәара мҩаԥымсӡеит
- Валери Кәарҷиа Екатерина Бебиа Лымшира лыдиныҳәалеит
- Аграртә политикеи, аҧсабаратә лшарақәеи, аекологиеи рзы аилак инарҭбаау аилатәара
НОВОСТИ

10.11.2023
Поделиться в соцсетях: