НОВОСТИ

Аԥснытәии урыстәылатәии азакәанԥҵаҩцәа Москва аусуратә еиԥылара мҩаԥыргеит
22.11.2023
Поделиться в соцсетях:

Аԥснытәии урыстәылатәии азакәанԥҵаҩцәа Москва аусуратә еиԥылара мҩаԥыргеит

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Ашәба Лашеи Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак ахантәаҩы Ҭемыр Шергелиеи УА Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак аҟны УА Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак ахантәаҩы Константин Косачиови, Афедерациа Ахеилак атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак ахантәаҩы  Владимир Булавини, Афедерациа Ахеилак атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак ахантәаҩы  актәи ихаҭыԥуаҩ Владимир Чижови еиԥылеит. Аиԥылара далахәын УА аҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Мадина Аҩӡба.

Апарламент ахаҭарнакцәа Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аделегациа Москва ианыҟаз аахыс шықәсык аҩныҵҟала аусура аихшьалақәа рзы ргәаанагара рҳәеит. Убри аан Константин Косачиов ҵыԥхтәи ашықәс жьҭаарамзазы имҩаԥысыз аиԥылараан апарламентбжьаратә усеицура арццакразы аиқәшаҳаҭра шалыршаз азгәеиҭеит. Уи иаҵшьны иҳәеит: «Уажәы алҵшәақәа ҳрылацәажәартә аҭагылазаашьа ҳамоуп ари аамҭа иалагӡаны имҩаԥгаз аусура аҩ-тәылак рыжәларқәа ринтересқәа ирызку аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиара ианаҭаз анырразы».  

Константин Косачиов иҳәеит 2023 ш. Урыстәылеи Аԥсни рзы акрызҵазкуа ахҭысқәа рыла ишҭәыз. Убарҭ ируакуп цәыббрамза анҵәамҭазы имҩаԥысыз УА Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилаки Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламенти русеицуразы Акомиссиа аилатәара.  

Ашәба Лаша иколлегацәа ихы рықәкны иаҵшьны иҳәеит урыстәыла-аԥснытәи рпарламентбжьаратә еизыҟазаашьа амшахәаԥштә аҟны зҵаараны ишықәгылоу иӡбатәны иҟоу атемақәа жәпакы, урҭ рхыԥхьаӡараҟны ишыҟоу аҩ-тәылак рхадацәа иалдыршаз аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡарагьы.

Аиԥылараан аганқәа аԥсны-урыстәылатәи аусеицура, апарламенттә усеицуразы ҩ-ганктәи амшахәаԥштә ахырхарҭақәа, азакәанԥҵара аинырнаалара уҳәа ирызку азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит, ҷыдала, аҳазсалхратә усхк аҟны.