НОВОСТИ

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны имҩаԥысит адепутатцәеи Аԥсны Ахадеи реиԥылара
11.12.2023
Поделиться в соцсетях:

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны имҩаԥысит адепутатцәеи Аԥсны Ахадеи реиԥылара

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны имҩаԥысит адепутатцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи реиԥылара.
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша ихантәаҩрала имҩаԥысит адепутатцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи реиԥылара.  Аиԥылараҟны аҳәынҭқарра Ахадеи адепутатцәеи рыбжьара имҩаԥысит иаартыз аицәажәара.
Аиԥылара иалахәын: Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥыза-министр Александр Анқәаб, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ  Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, Апарламент аҟны  Ахада ихаҭарнак, аиустициа аминистр Анри Барцыц.
Ахада адепутатцәа рҿаԥхьа иқәгылараан анагӡаратә мчхара имҩаԥнаго аусуреи раԥхьа иргыланы хымԥада иӡбатәны иқәгылоу ауснагӡатәқәеи дрылацәажәеит.

  Ахада далацәажәеит иара убас аҩныҵҟатәии адәныҟатәии аполитика, ҷыдала хшыҩзышьҭра аиҭеит атәылауаа усурҭа ҭыԥла реиқәыршәара иадҳәалоу апроблемақәа рыӡбаразы амчхара амахәҭақәа зегьы русеицура шаҭаху атәы.
Аҳәынҭқарра Ахада адепутатцәа ргәаанагарақәа дырзыӡырҩит атемақәа жәпакы инарымаданы, рызҵаарақәагьы рҭакқәа ҟаиҵеит.