НОВОСТИ

Имҩаԥысит Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи рзы аилак инарҭбаау аилатәара
18.01.2024
Поделиться в соцсетях:

Имҩаԥысит Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи рзы аилак инарҭбаау аилатәара

Ажьырныҳәамза 18 рәы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны имҩаԥысит Ԥлиа Бадрик хантәаҩра ззиуаз  Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи рзы аилак аилатәара. Аилатәара иалахәыз Аԥсны Аҳәынҭқаррахь анефтаалыҵқәа раагара инамаданы абылтәы аџьырмыкьаҟны иҟоу аҭагылазаашьа иалацәажәеит.  

Аилак аилатәара иалахәын Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, афымцамчи атрансопрти рминистр Џьансыхә Нанба, аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩ Ҭемраз Амқәаб, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуа, абылтәы еилахәыра ахаҭарнакцәа.
  Анагӡаратә мчхара ахаҭарнакцәа адепутатцәа адырра рырҭеит аԥсны-урыстәылатәи аҳәааҟны аҭагылазаашьеи Урыстәылантә Аԥсныҟа абылтәы аекспорт азҵааразы аурыс ган алархәны имҩԥыргаз аилацәажәареи рзы.

Амқәаб Ҭ. далацәажәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистрра инанагӡаз ауснагӡатәқәа ртәы 2023 шықәса ԥхынҷкәынмза 16 аҟнытә УА Аиҳабыра иаднакылаз Ақәҵара инамаданы, уи инақәыршәаны аилахәыра «Урыснефт» азин ҷыда анаҭоит анефтаалыҵқәа Урыстәылантә Аԥсны Аҳәынҭқаррахь раагаразы.  
Иааԥхьаз абылратә еилахәыра ахаҭарнакцәа ирҳәеит ргәы шамырҭынчуа рнаплакқәа ишахәҭоу аус русуразы алшара аҟамзаара иадҳәалоу аҭагылазаашьа.  Ирҳәеит зыхәԥса ахшәаау абылтәы урыстәылатәи аҳәааҟны ишынхаз 2023 шықәса ԥхынҷкәынмза 21 раахыс, АҬС аус шырымуа.  

Аилатәараҟны адепутатцәа ргәаанагарақәа рҳәеит Аԥсны Аиҳабыра урыстәылатәи аколлегацәа абри аганахьала аус рыцура шырццактәу азы. Иалацәажәеит иара убас абылтәы даҽа мҩак ала аагара азҵаарагьы, иаҵшьны иҳәан лассы антимонопольтә закәанԥҵара адкылара аҵак ду шамоу.  

Ари азҵааразы анагӡаратә мчхара ала хырԥашьа змам азыӡбақәа рыдкылара иамоу аҵакы азгәаҭаны, адепутатцәа хара имгакәа ишьақәгылаз аҭагылазаашьа алҵразы Аиҳабыра русура аихшьала нарҵауланы аҭҵаара ахьымҩаԥысуа Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи рзы аилак аилатәара амҩаԥгаразы азыӡба рыдыркылеит.