НОВОСТИ

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны имҩаԥысит атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак аилатәара
24.01.2024
Поделиться в соцсетях:

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны имҩаԥысит атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак аилатәара

Ажьырныҳәамза 23 рзы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны имҩаԥысит Шергелиа Т. А. хантәаҩра ззиуаз атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак инарҭбаау аилатәара. Ирылацәажәеит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны  маӡалатәи аекскурсиатә усура иадҳәалоу апроблемақәа.

Аилатәара иалахәын  Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша, адепутатцәа, «АԥсныГид» ассоциациа актив, Аԥсны Аҳәынҭқарра АШӘА ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, аҳәаахьчаратә отриад аиҳабы Рустам Латипов, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа, атуризм аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Барцыц.

Атуризм аусхк аҟны иҟоу апроблемақәа рыхцәажәараан аҳәаахьчаратә отриад аиҳабы Рустам Латипов аҳәара ҟаиҵеит азинеилагаҩцәа рсиа цәырыргарц, урҭ Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакырахь аҭалара иақәиҭхаӡом административтә хараԥса ршәаанӡа ҳәа.
  
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа  иҳәеит ААИ ареидтә усмҩаԥгатәқәа раан ацхыраара ишазхиоу. Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша иҳәеит ари апроблема аӡбаразы аус зуа азакәан арҽеирақәа ралагалара шалшо.

Апарламент адепутат Асҭамыр Герхьелиа иазгәеиҭеит изхәаԥшуа азҵаара иамоу аҵак ду, иҳәеит маӡалатәи агидцәа русура аанкыларазы аекскурсиатә усура ахылаԥшра арӷәӷәара шаҭаху атәы.

Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак аилак алахәцәа ирҳәеит ари азҵаара аӡбаразы азакәанԥҵарала ацхыраара аҭара ишазхиоу.