НОВОСТИ

Аԥсны ААК Апарламент ахь ажәалагала ҟанаҵеит «Аԥсны Аҳәынҭқапрра Ахада иалхрақәа рзы» Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы
29.01.2024
Поделиться в соцсетях:

Аԥсны ААК Апарламент ахь ажәалагала ҟанаҵеит «Аԥсны Аҳәынҭқапрра Ахада иалхрақәа рзы» Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы

Ажьырныҳәамза 29 рзы Апарламент аҟны имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак инарҭбаау аилатәара. Аилатәара мҩаԥигеит уи ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба.

Адепутатцәа азыӡырҩит, иагьалацәажәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Дмитри Маршьани уи иколлегацәеи – ААК алахәцәа Инна Кәарҷиеи Алиас Бранӡиеи ирыларҳәаз аинформациа. Уи «Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхразы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә Закәан ахархәаразы апрактика иадҳәалан.

Ԥасатәи ашықәсқәа раан имҩаԥысуаз алхратә компаниақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аусура аԥышәа аихшьала ҟаҵаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацентртә алхратә комиссиа  Апарламент ахь ажәалагала ҟанаҵеит аус зуа «Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхразы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәак ралагаларазы.  

Абри инамаданы аиԥылара алахәцәа ахәаԥшит алхрақәа реихшьала иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы, ҷыдала, алхратә биуллитен аҟны аграфа «Зегь мап рыцәкра» ахархәара иадҳәалоу, иалацәажәеит алхыҩцәа абжьыҭарахь рнеира ахыԥхьаӡара ахықә ашьақәыргылареи ус зуа Азакәан залагалара алшо егьырҭ алкаақәеи.