НОВОСТИ

Адепутатцәа «Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент аҟнытә Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума ашҟа Аԥсны Аҳәынҭқаррахь анефтаалыҵқәа раагара аҭышәныртәалара азҵааразы Ааԥхьаразы» Ақәҵара рыдыркылеит
29.01.2024
Поделиться в соцсетях:

Адепутатцәа «Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент аҟнытә Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума ашҟа Аԥсны Аҳәынҭқаррахь анефтаалыҵқәа раагара аҭышәныртәалара азҵааразы Ааԥхьаразы» Ақәҵара рыдыркылеит

Иахьа ааԥынтәи асессиа аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа аилатәара мҩаԥыргеит. Аилатәараҟны  еицҿакны ирыдыркылеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент аҟнытә Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума ашҟа Аԥсны Аҳәынҭқаррахь анефтаалыҵқәа раагара аҭышәныртәалара азҵааразы Ааԥхьаразы» Ақәҵара.

Ааԥхьара атекст аҟны иҳәоуп:

«2023 шықәса ԥхынҷкәынмза 16 рзы Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ақәҵара аднакылеит ИАУ «УРЫСНЕФТ» Аԥсны Аҳәынҭқаррахь анефтаалыҵқәа аазго експортиор заҵәык аҳасабала ишьақәзыргыло. Ари акт аамҭалатәи аҟазшьа амоуп, аусурагьы ааннакылоит ҳазҭоу ашықәс лаҵарамзазы. Убри аан Ақәҵара апунктқәа руак иазԥхьагәанаҭоит изаамҭанытәиу ашықәсбжак аҿҳәара ацҵара. Ареспублика абылтәы џьармыкьа алахәцәа ргәаанагарала, Абылтәы хьшьтәы материал аагаҩык иҟны мацара аахәара апрактика еиҟарам аҭагылазаашьақәеи анефтаалыҵқәа рзымхаразы ашәарҭа дуи аԥнаҵоит. Ас еиԥш иҟоу агәҭынчымра мзызс иамоуп ԥасатәи ашықәсқәа раантәи аԥышәа, усҟан атуристтә аамҭа аилашыкьымҭаз абылтәы аиԥҟьара ҟалеит.  Ари аихамҩа аладатәи ахырхарҭала иахьҭацәымызи апассаџьыртә мҩангарақәа аԥыжәара рыҭареи ирыхҟьеит. Иҳәатәуп, абри аан аихамҩатә транспорт ала абылтәы амҩангара ишартәо 70 %  азеиԥш мҽхакы аҟны. Иҟан аҭагылазаашьақәа, анефтаалыҵқәа аазгоз атранспорт Аԥсны Аҳәынҭқарра аҟынӡа ианынаӡоз азауад-аҭыжьҩы аидара андәықәнаҵа нахыс 2-3 мзы рышьҭахь. Ари анефтаалыҵқәа рџьармыкьаҟны ауадаҩрақәа аԥнаҵон.  

Аԥышәа иаҳнарбоит еилахәырак-експортиорк мацара алкаара ҳтәыла анефтаалыҵла аиқәыршәара аус ибааԥсны  ишаныԥшуа. Уи ахҟьа-ԥҟьақәа аҭыԥантәи ауааԥсыра реиԥш, ҳтәыла иаҭаауа асасцәагьы ирныруеит.  

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламенти Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Думеи русеицура иамоу аҩаӡара ҳаракы ҳасаб азуны, аҳәара ҟаҳҵоит ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ҭҵааны 2023 шықәса ԥхынҷкәынмза 16 рзы Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ақәҵара Аԥсны Аҳәынҭқаррахь анефтаалыҵқәа раагараан еилахәырак-експортиорк мацара алкаара ахәҭаҟны хымԥада аԥсахра шаҭаху азы, аџьармыкьа апринцип хадақәа – аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵараҟны ахақәиҭра алыршара аиқәырхаразы  аԥсуа ган апозициа УА Аиҳабыра анапхгара аҟынӡа анагара».

Иара убас ирыдыркылеит «Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны ажурналистцәеи амассатә информациа ахархәагақәа ртехникатә специалистцәеи рзы Аккредитациа Аԥҟарақәа аԥсахарақәа ралагаларазы» Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламенти Ақәҵара.

Аԥсахрақәа аккредитациа аԥҟарақәа, иара убас аккредитациа зызу ажурналистцәеи амассатә информациа ахархәагақәа ртехникатә специалистцәеи  ирызкуп.