НОВОСТИ

АИХ  ахаҭарнакцәа рзы аккредитациа аиуразы аинформациа
30.01.2024
Поделиться в соцсетях:

АИХ ахаҭарнакцәа рзы аккредитациа аиуразы аинформациа

  Аԥсны Жәлар Реизараҟны – Апарламент аҟны иҟоу ажурналистцәеи амассатә информациа ахархәагақәа ртехникатә специалистцәеи рзы

АԤҞАРАҚӘА

I. Азеиԥш ԥҟарақәа

1. Аԥсны Жәлар Реизараҟны – Апарламент (анаҩс Апарламент) аҟны иҟоу ажурналистцәеи амассатә информациа атехникатә специалистцәеи раккредитациазы аԥҟарақәа азырхиоуп ажурналистцәеи амассатә информациа ахархәагақәа (анаҩс АИХ) атехникатә специалистцәеи русуразы зыда ԥсыхәа ыҟам аҭагылазаашьақәа раԥҵаразы, Апарламент аусуразы информациала реиқәыршәаразы, Апарламенти АИХИ русеицура аиӷьтәразы.  

2. Аԥсны Жәлар Реизараҟны – Апарламент (анаҩс Апарламент) аҟны иҟоу ажурналистцәеи амассатә информациа атехникатә специалистцәеи аккредитациа рзухоит «амассатә информациа ахархәагақәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан, абарҭ Аԥҟарақәа, Апарламент аҟны ажурналистцәа русура иадҳәалоу Апарламент егьырҭ анормативтә зинтә актқәа инарықәыршәаны.

3. Ажурналистцәеи амассатә информациа атехникатә специалистцәеи аккредитациа рзухоит Апарламент апресс-маҵзура ала.  

4. Ажурналистцәеи амассатә информациа атехникатә специалистцәеи Апарламент аҟны аккредитациа рзухоит акорреспондентцәеи атехникатә усзуҩцәеи раҳасабала.

5. Акорреспондентцәа раҳасабала аккредитациа рыҭахоит Апарламент аусура аарԥшразы ҷыдала аредакциа анапынҵақәа назыгӡо АИХ ажурналистцәа.

6. Атехникатә специалистцәа раҳасабала аккредитациа рыҭахоит ҷыдала АИХ аредакциа атехникатә специалистцәа  ателе-, авидео-, афото-, абжьытә  аппаратура амаҵ азызуеи ҷыдала аредакциа Апарламент аусура аарԥшразы анапынҵақәа назыгӡои.

7. Аҳәаанырцәтәи АИХ ахаҭарнакцәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ирнаҭаз аҳәаанырцәтәи амассатә информациа ахархәагақәа раккредитациазы аршаҳаҭга зауз, иара убас Апарламент аҟны аккредитациа роур акәхоит АИХ акорреспондентцәеи атехникатә усзуҩцәеи раҳасабала.