НОВОСТИ

  Лаша Ашәба Сергеи Бабурин 65-шықәса ихыҵра идиныҳәалеит
31.01.2024
Поделиться в соцсетях:

Лаша Ашәба Сергеи Бабурин 65-шықәса ихыҵра идиныҳәалеит

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Иира амш идиныҳәалеит аԥсны Аҳәынҭқарра ҳаҭыр зқәу атәылауаҩ, УА Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума I, II, IV ааԥхьарақәа рдепутат, аиуристтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор,  апрофессор Сергеи Бабурин.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит 65-шықәса шәхыҵра!
Шәара шәызнысыз аԥсҭазааратә мҩақәа иааидкыланы, Урыстәыла амаҵ аура, ажәлари аҳәынҭқарреи ринтересқәа рыхьчара иазкуп. Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Шәара шәырдыруеит ҳтәылақәа рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырҿиара иадгылоу аӡә иаҳасабала.
  
Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит Аԥсны аҳәынҭқарратәра арӷәӷәара азҵаарақәа рзы ԥсахра змам шәпозициа.    
Ишәымоу аҳәынҭқарратә хәыцреи атәылауаҩратә фырхаҵареи аԥхьаҟагьы шәхықәкқәа рынагӡараҟны ицхыраагӡаны иҟазааит.

Гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ахирра шәҭаацәараҟны, еицакра зқәым агәамч шәнапы злашәкуа аусқәа рыҟны!».