НОВОСТИ

Ашәба Лаша Аԥсны Аҳәынҭқарра АИХ аусзуҩцәа Аԥсны Аҳәынҭқарра амассатә информациа ахархәагақәа рымш рыдиныҳәалеит
27.02.2024
Поделиться в соцсетях:

Ашәба Лаша Аԥсны Аҳәынҭқарра АИХ аусзуҩцәа Аԥсны Аҳәынҭқарра амассатә информациа ахархәагақәа рымш рыдиныҳәалеит

Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны Аҳәынҭқарра амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

"Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҳәынҭқарра амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа!  

Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра амассатә информациа ахархәагақәа рымш!
  
105 шықәса раԥхьа иҭыҵит аԥсуа газеҭ «Аԥсны» актәи аномер. Абри арыцхә   – 2019 шықәса жәабранмза 27 Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент  ҳҳәынҭқарратәи ихьыԥшыми амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәаны ирыланаҳәеит.  Агазеҭ «Аԥсны» раԥхьатәи редактор хаданы дҟалеит аԥсуа ҩыратә литература ашьаҭаркҩы, арккаҩ ду Дырмит Иосиф-иԥа Гәлиа. Дырмит Гәлиеи уи идгыланы аус ицызуаз иҩызцәеи 1919 шықәсазы ауасхыр ззышьҭарҵаз аԥсуа журналистика анаҩс ҳҳәынҭқарра аԥхьаҟатәи ашьақәгылараан қәҿиарала аҿиара аиуит. Агазеҭ хықәкыс иаиуит аԥсуа бызшәа, жәлар рытрадициа, ркультура арҿиара, аҵас бзиақәа реиқәырхара, ареспублика иқәынхоз ажәлар рзы аҵакы змаз ахҭысқәа, апроблемақәа рцәыргара.
Аԥснытәи АИХ русзуҩцәа рырҿиаратә ҭынха ианыԥшит аԥсуа жәлар рҭоурых еиԥш, рлахьынҵагьы. Амилаҭтә журналистикаҟны аҭыԥ ҷыда ааннакылеит иара убас 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа.
Иахьа ҳреспублика АИХ аҿиара иаҿуп аинформациа аларҵәаразы ҳаамҭазтәи атехнологиақәа, жәларбжьаратәи аусеицура ирнаҭо алшрақәа рхархәарала.  
Акыр иаԥсоу аҩызцәа, шәара шәматериалқәа рыҟны ишьҭышәхуеит ҳтәылазы акрызҵазкуа азҵаарақәа. Шәара шәдыррақәеи, шәтәылауаҩратә позициеи, шәхы иадышәҵо аҭакԥхықәреи акырӡа аанагоит ауаажәларра аполитикатә процессқәа разнеишьаҟны, ҳреспублика асоциал-економикатә ҿиаразы аҭагылазаашьақәа раԥҵараҟны. Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахә ҳаракны иашьоит ажурналисттә уаажәларра ахаҭарнакцәеи дареи рыбжьара ишьақәгылаз аизыҟазаашьа.
  
Иҭабуп ҳәа шәаҳхәоит занааҭдыррала имҩаԥыжәго аусуразы, ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, ахирра шәҭаацәагьы шәаргьы".