Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лашеи адепутатцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь иԥсыжырҭаҟны Џьгьарда ақыҭан ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Ашәҭшьҭаҵара ацеремониа иалахәын Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа, Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Алада-Уаҧстәыла Ареспублика ҧасатәи Ахада Едуард Кокоиты, Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Константин Затулин, Аҧсны иҟоу Алада . Уаҧстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика аофициалтә хаҭарнак Гарри Кәпалба, Аиҳабыра алахәцәа, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, ауаажәларра ахаҭарнакцәа, ашколхәыҷқәа.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ
04.03.2024
Поделиться в соцсетях: