НОВОСТИ

Ашәба Лаша Валентина Матвиенко Лира амш лыдиныҳәалеит
07.04.2024
Поделиться в соцсетях:

Ашәба Лаша Валентина Матвиенко Лира амш лыдиныҳәалеит

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Урыстәылатәи Афедерациа  Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы В. Матвиенко  Лира амш лыдиныҳәалеит.

Шәара адунеитә ҩаӡараҟны иҟоу политикоуп. Жәларбжьаратәи аиԥыларақәа рыҟны Шәара шәажәа акрылнадоит аусеицура, аҭынчра, аиашара аидеиа ныҟәызго, ауаатәҩса рԥеиԥш еиҷаҳауа аӡә иаҳасабала. Шәара ԥсахрада иаанышәкыло атәылауаҩратә позициала аурыс жәлари Урыстәыла Аҳәынҭқарреи ринтересқәа рыхьчаразы шәгылоуп.

Ҳара есқьынгьы иаҳныруеит ҳтәыла шәшазыҟоу, Аԥсны Аҳәынҭқарра ганрацәалатәи адгылара шәшазхиоу.  Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламенти Урыстәылатәи Афедерациа  Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилаки русеицура есааира иазҳауеит. Уи Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи реимадара арӷәӷәареи аԥхьаҟа аҿиареи иацхраауеит. Шәара ишәымоу аԥсҭазааратә ԥышәа ду, шәыпрофессионализм, ауаа ирышәҭо аԥхарра шәааигәа иҟоу ауаа анырра бзиа рнаҭоит.

Ҳаҭыр зқәу Валентина Иван-иԥҳа! Ишәзеиӷьасшьоит аихьӡарақәа, анасыԥ!».