Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рымш азы Аԥсны жәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.
Ааԥхьараҟны иҳәоуп:
"Ҳаҭыр зқәу Аԥсны жәлар!
Акыр иаԥсоу 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа!
1992 шықәса нанҳәамза 14 рзы аибашьра ҳреспубликаҟны ҩнаҭацыԥхьаӡа инеит. Аԥсадгьыл ахьчаразы игылеит хәыҷгьы дугьы, ахацәа, аҳәса, абыргцәа. Зықьҩыла Аԥсны аҵеицәа рхы ақәҵаны Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра, аҭынч ԥсҭазаара ҳзырыхьчеит.
Иахьа иаҳгәалаҳаршәоит 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан абџьаршьҭыхла игылаз, атыл аҟны зымч-зылша иамеигӡа, аиааира арааигәара иацхраауаз зегьы. Наунагӡа ҳгәы иҭазаауеит, хьааны иҳацзаауеит ҳаԥсадгьыл ахақәиҭтәра зхы ақәызҵаз.
Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рфырхаҵара ҿырԥшы бзианы иҟазаауеит есқьынгьы абиԥара ҿыцқәа рзы".
ПОПУЛЯРНОЕ
- Имҩаҧысит Абиуџьет, акредиттә еиҿкаарқәа, ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы аилак аилатәара
- АҦСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА АҚӘҴАРА
- Валери Кәарҷиа Екатерина Бебиа Лымшира лыдиныҳәалеит
- Иазԥхьагәаҭаз Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәара мҩаԥымсӡеит
- Аграртә политикеи, аҧсабаратә лшарақәеи, аекологиеи рзы аилак инарҭбаау аилатәара