Нанҳәамза 15 Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Хатәгәаԥхаралатәи аибашьҩы имш азгәарҭоит
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Хатәгәаԥхаралатәи аибашьҩы имш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу ҳашьцәа, хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа - 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа!
Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!
Хатәгәаԥхаралатәи аибашьҩы имш – аԥсуа дгьыл аӷа данақәлаз иарӷьажәҩаны иҳадгылаз ҳашьцәа, ҳҩызцәа рыхьӡала иаԥҵоу, ҳара ҳзы ҷыдала аҵак ду амоуп.
1992 шықәса нанҳәамза 15 рзы – Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага аԥхьатәи амшқәа инадыркны Аҩада Кавказынтәи хатәгәаԥхарала иааит раԥхьатәи аибашьцәа. Убарҭ рышьҭахь иара убас еиуеиԥшым ареспубликақәа рыҟнытә аара иалагеит егьырҭ, хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәагьы. Урҭ аиашьа иҟаиҵоз ҟарҵеит Ҳаԥсадгьыл азы иаҳа ианыуадаҩыз аамҭазы, ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рыхьчаразы игылаз Аԥсны ахьчаҩцәа ианрывагыла. Аиашьа, аҩыза изы ахамеигӡара, агәымшәара, агәаӷьра реиԥш иҟоу аҟазшьа аҷыдарақәа рныԥшуеит хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа.
Хашҭра рықәӡам Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз хатәгәаԥхаралатәи ҳаибашьцәа. Ҳхырхәоит урҭ рыуацәеи рҭынхацәеи рҿаԥхьа.
Акыр иаҳзаԥсоу ҳашьцәа - хатәгәаԥхаралатәи ҳаибашьцәа! Шәара иҟашәҵаз ацхыраара Аԥсны Аҳәынҭқарра аиааираҟны ахә ашьара уадаҩуп. Ҳара агәра ҳгоит иаашәырԥшыз афырхаҵара аԥхьаҟагьы Аԥсны игыло абиԥара ҿыцқәа рызгьы ҿырԥшыганы, гәадураны ишыҟало».
ПОПУЛЯРНОЕ
- Имҩаҧысит Абиуџьет, акредиттә еиҿкаарқәа, ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы аилак аилатәара
- АҦСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА АҚӘҴАРА
- Валери Кәарҷиа Екатерина Бебиа Лымшира лыдиныҳәалеит
- Иазԥхьагәаҭаз Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәара мҩаԥымсӡеит
- Аграртә политикеи, аҧсабаратә лшарақәеи, аекологиеи рзы аилак инарҭбаау аилатәара
НОВОСТИ
15.08.2024
Поделиться в соцсетях: