Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Алада Уаԥстәыла Апарламент Ахантәаҩы Алан Маргиев Ареспублика амш идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Алан Ҭаимураз-иԥа! Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала Шәаргьы Алада Уаԥстәыла Апарламент адепутатцәагьы ишәыдысныҳәалоит аҳәынҭқарратә ныҳәа – Ареспублика амш!
1990 шықәсазы Алада Уаԥстәыла Ареспублика аԥҵара рылазҳәаз адекларациа адкылара шәтәыла аҭоурых аҟны акырӡа зҵазкуа ҭоурыхтә хҭысны иҟалеит, абри инаркны ихацыркхеит уи ашьақәгылареи аҿиареи.
Алада Уаԥстәыла Ареспублика ажәлар ахьыԥшымра аагара рылшеит акыр ауадаҩрақәа ириааины. Ареспублика ауааԥсыра раԥхьа иҟаз абиԥарақәа реихьӡарақәа реихаҳара рылшеит ибеиоу рҭоурыхи ркультуреи рықәныҟәарала. Иҳаҩсыз ашықәс азы иҟаҵоу рацәоуп аекономика, асоциалтә усхк, аҳәынҭқарра аинфраструктура, ашәарҭадара арӷәӷәаразы.
Ҳреспубликақәа ҭоурыхла реимадара шьаҭас иамоуп аҳаҭыреиқәҵара, агәреибагара, уи аиҩызаратә ҟазшьа змоу апарламентбжьаратә усеицура иацхраауеит.
Ҳаҭыр зқәу Алан Ҭаимураз-иԥа, Шәаргьы Алада Уаԥстәыла Ареспублика Апарламент адепутатцәагьы ишәзеиӷьасшьоит ажәлар реизҳазыӷьара хықәкыс измоу азакәанԥҵаратә усураҿы аихьӡарақәа».
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ
20.09.2024
Поделиться в соцсетях: