Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша ианашьоуп Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа Аҳаҭыртә шәҟәы
Иахьа Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа XLI Аконференциа апленартә еилатәараҟны Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа аусураҟны лыҵшәа змоу иусуреи апарламентбжьаратә еимадарақәа рырӷәӷәараҟны аҵак ду змоу илагаламҭеи рзы ианашьоуп Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа Аҳаҭыртә шәҟәы.
«Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа Аҳаҭыртә шәҟәы ианашьаразы» азыӡба рыдыркылеит Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа Ахеилак аҟны.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

11.10.2024
Поделиться в соцсетях: