Ашықәс ҿыц аламҭалаз Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара апалатақәа рнапхгаҩцәа 2025 –тәи Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит
Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко лыхьӡала адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит ҳазҭало Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи! Ҳаҭыр зқәу Валентина Иван-иԥҳа!
Ҳара агәра ҳгоит ҳпарламентқәа русеицура ҳтәылақәеи ҳажәларқәеи ршәарҭадареи реизҳазыӷьареи ралыршара ишазкхо.
Ҳаҭыр зқәу Валентина Иван-иԥҳа! Шәколлегацәагьы Шәаргьы ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, 2025 шықәсазы иазԥхьагәашәҭаз ауснагӡатәқәа рыҟны аихьӡарақәа».
Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володин ихьӡала иҟаиҵаз адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Гәыкала иҭабуп ҳәа шәасҳәоит Шәаргьы Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәагьы аусеицуреи иҳабжьоу аилибакаареи рзы.
Ҳаҭыр зқәу Виачеслав Виктор-иԥа! Шәаргьы Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа зегьи ирзеиӷьасшьоит қәҿиарала иҭәу 20205-тәи ашықәс».
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша иара убас иааиуа ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа идиныҳәалеит Алада Уаԥстәыла Апарламент Ахантәаҩы Алан Маргиев, иаргьы Алада Уаԥстәыла Апарламент адепутатцәагьы ирзеиӷьеишьеит иазԥхьагәарҭаз аусқәа рыҟны алҵшәа бзиақәа, агәабзиара, ахирра. .
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

30.12.2024
Поделиться в соцсетях: