НОВОСТИ

Ашәба Лаша Амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩы имш аҽны ажурналистцәа дрыдныҳәалеит
27.02.2025
Поделиться в соцсетях:

Ашәба Лаша Амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩы имш аҽны ажурналистцәа дрыдныҳәалеит

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩы имш азы ажурналистцәа дрыдныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҳәынҭқарра амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа!  

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩы имш!  
Амассатә информациа ахархәагақәа – ҳаамҭазтәи адунеи иахәҭакуп.  
1919 шықәса жәабранмза 27 ҳара ҳзы акрызҵазкуа ҳәынҭқарратә рыцхәуп. Абри аҽны раԥхьаӡакәны аԥсышәала иҭыҵит агазеҭ  «Аԥсны» актәи аномер. Агазеҭ аредактор хада Дырмит Иосиф-иԥа Гәлиа напхгара ззиуаз  аколлектив аԥсуа бызшәа аҳәаақәа рырҭбааразы, аҵаралашара аидеиақәа рынагӡаразы, ҳаԥсадгьыл аҭоурых ахӡыӡааразы, ҳауаажәлар ианаамҭоу аинформациа роуртә еиԥш аҭагылазаашьақәа раԥҵара рылшеит,  
Абри аамҭа инаркны ҳреспублика аҿиара аамҭақәа зегь раан ажурналистцәа ажәлар ирыдгылан, АИХ ркьыԥхь аҟны ицәырҵуаз урҭ ррепортажқәа, рыстатиақәа аԥхьаҩцәа ирылаҵәаны иҟан. Иахьа шәусура алҵшәақәа акьыԥхь аҟны, аинтернет-цхыраагӡақәеи ателехәаԥшреи рыҟны – зықьҩыла ҳтәыла ауааԥсыра рзы аҵак ду рымоуп, зҿлымҳара арҭоит иара убас адунеи атәылақәа жәпакы рҿы.  
Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла еиднакыло Аԥсны Аҳәынҭқарра Амассатә информациа ахархәагақәа зегьы русзуҩцәа ҳтәыла ажурналистика атрадициақәа еихаҳауа иаауеит, урҭ раԥхьа иҟаз рԥышәа иацҵо, жәларбжьаратәи амедиа-проектқәа аҽрылархәразы, аԥхьагылара змоу амедиатехнологиақәа рхархәаразы алшара рымоуп.  
Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Амассатә информациа ахархәагақәа рыҿиараҟны шәлагаламҭазы, шәус гәык-ԥсык ала азыҟазаашьала иаԥышәҵо абаҩхатәра, актуалра злоу ажурналисттә материалқәа рзы..

Ишәзеиӷьаҳшьоит ҳҳәынҭқареи ҳажәлари рзы аҵак ду змоу шәнапы злаку аусқәа рыҟны аихьӡарақәа!».