Апарламент аҟны имҩаԥысит Резо Зантариа хантәаҩра ззиуа Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиқәеи рзы аилак аилатәара.
Иахәаԥшын «Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны имаҷуи ибжьаратәуи анаплакра аҿиаразы» азакәан апроект. Уи азырхиан имаҷуи ибжьаратәуи анаплакра аҿиара аҳәаақәҵаразы азакәанԥҵаратә гхақәа рхарҭәаара хықәкыс иҟаҵаны. Ари азакәан апроект иахәаԥшны Аилак алахәцәа азыӡба рыдыркылеит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәарахь анагара актәи аԥхьараан адкыларазы.
Аилатәара амш азҵаара аҳәаақәа ирҭагӡаны адепутатцәа ахәаԥшит, автор игәаанагарала, мҽхакы ҭбаала аҳәынҭқарратә аидкылаахәарақәа рымҩаԥгара апроцедурақәеи аԥҟарақәеи ҳәаақәызҵо «Аидкылаахәаразы» азакәан апроект. Аилак алахәцәа азыӡба рыдыркылеит абри азыӡба Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәарахь анагара актәи аԥхьараан адкыларазы.
Аусураан иара убас иалацәажәеит «Аҳәынҭқарра-хазхаҭалатәи аусеицуразы» азакәанапроект. Уи Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономика аинвестициақәа радԥхьалара иазынархоуп аҳәынҭқарра-хазхаҭалатәи аусеицура апроект, аҳәынҭқарра-хазхаҭалатәи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра абжьаҵара, анагӡара, аԥыргара азырхиареи анагӡареи рыпроцесс аан ишьақәгыло ауаажәларратә еизыҟазаашьақәа ҳәаақәнаҵоит.
Аилацәажәара аихшьалақәа рыла азыӡба рыдыркылеит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәарахь анагара актәи аԥхьараан адкыларазы.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

04.03.2025
Поделиться в соцсетях: