НОВОСТИ

Ашәба Лаша Валентина Матвиенко Жәларбжьаратәи аҳәса рымш лыдиныҳәалеит
07.03.2025
Поделиться в соцсетях:

Ашәба Лаша Валентина Матвиенко Жәларбжьаратәи аҳәса рымш лыдиныҳәалеит

Хәажәкырамза 8 аныҳәа аламҭалаз Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко Жәларбжьаратәи аҳәса рымш лыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп: «Ҳаҭыр зқәу Валентина Иван-иԥҳа!

Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Жәларбжьаратәи аҳәса рымш.
Иахьа адунеи аҟны аԥҳәыс лроль дууп адоуҳа-леишәатә ҵасқәа реиқәырхараҟны, ауаажәларра, аҳәынҭқарра аҿиараҟны, изызҳауа абиԥара реиҵааӡараҟны, урҭ ахацәа инарываҟәыло азанааҭтә усура аусхкқәа зегьы ирылахәуп. Аҳәса аҭынчреи ақәнагеи рзы ақәԥараҟны аҭыԥ ду ааныркылоит, жәларбжьаратәи аусеицуразы ауснагӡатәқәа рыӡбараҟны рлагаламҭа дууп.
.
Ҳаҭыр зқәу Валентина Иван-иԥҳа! Шәара аԥхьа шәнаргыланы, Урыстәылатәи Афедерациа аҳәса зегьы ирзеиӷьасшьоит ахирра, ари ааԥын мшы иацны иааиааит анасыԥ, агәалаҟазара бзиа».