НОВОСТИ

Аԥсны Ахада имаҵура иахагылара иазку аусмҩаԥгатәқәа рыпрограмма инақәыршәаны Апарламент аҟны имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқаррахь иааз аделегациақәа рхаҭарнакцәа рԥылара
02.04.2025
Поделиться в соцсетях:

Аԥсны Ахада имаҵура иахагылара иазку аусмҩаԥгатәқәа рыпрограмма инақәыршәаны Апарламент аҟны имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқаррахь иааз аделегациақәа рхаҭарнакцәа рԥылара

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша УА Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума аделегациа дырԥылеит.
Аделегациа аилазаараҟны иҟан Аҳәынҭқарратә Дума  ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, УА Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Думеи Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламенти русеицуразы Акомиссиа ацхантәаҩы Пиотр Толстии Аҳәынҭқарратә Дума Атәылахьчаразы аилак ахантәаҩы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент амадарақәа рзы Аҳәынҭдума адепутатә гәыԥ акоординатор Андреи Картаполов.
Аиԥылара иалахәын Ахантәаҩы ихаҭыԥуаа Аҩӡба Фазлыбеии Аршба Асҭамыри, Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Аилак ахантәаҩы Ҭемыр Шергелиа.

Ашәба, Лаша асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, урыстәылатәи аколлегацәа Апарламент адепутатцәа рыҟнытә азеиӷьашьара бзиақәа риҭеи, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра имаҵура иахагылара иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә аҽалархәразы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.  
Пиотр Толстой Аԥсны жәлар ирыдиныҳәалеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада имаҵура иахагылара амш, иҭабуп ахиҳәааит урыстәылатәи аделегациа рзы иаадрԥышз асасдкыларазы. Уи иазгәеиҭеит иуадаҩыз аамҭақәа рзы аԥсны Апарламент инанагӡаз ароль иамоу аҵак ду: « Аԥсуа уаажәларра рыҩныҵҟа аҭышәынтәалареи аиҿцәажәареи алзыршо гарантны шәызлаҟоу ала, ареспубликазы иныҳәаны иҟалаз ари ахҭыс аҟаларазы ишәылшаз акраҵанакуеит. Азин сышәҭозар, агәра шәсыргар сҭахуп, ҳара хаҭарнакра ззаҳуа Аҳәынҭқарратә Думеи Афедерациа Ахеилак аҟнытә ҳколлегацәеи есқьынгьы адгылара шшәаҳаҭало, аԥхьаҟагьы Аԥсны аҿиареи ара инхо ауааԥсыреи реизҳазыӷьареи рыхьӡала  иааиԥмырҟьаӡакәа системала аус шәыцура ҳшазхиоу».
  «Аҵак ду амоуп аԥсуа уаажәларра зегьы рыҿцәажәара аԥхьатәи абиԥарақәа рԥеиԥш азы», - иаҵшьны иҳәеит П. Толстои.

Андреи Картаполов иҳәеит Аԥсны ауааԥсыра иҷыдоу аоперациа ралахәра иамоу аҵакы атәы:  «Урыстәылатәи Афедерациа ахә ҳаракны иашьоит шәреспублика ахаҭарнакцәа ҳзеиԥш хықәкы азы Урыстәыла иадгыланы ақәԥара иахьалахәу».  

Ашәба Лаша иаҵшьны иҳәеит: «Ҳажәлар реидгылара ҳара зегьы ҳзы ихадароуп. Ҳԥхьаҟа аус дуқәа шьҭоуп, урҭ зегьы рыла хәарҭара рыманы, лыҵшәа рыманы иҟалоит», - символра шамоу азгәеиҭеит имҩаԥысыз аныҳәаҟны Аԥсны Апарламент аус ацызуа Аҳәынҭдума аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа ахьалахәу.

Аиԥылараан адепутатцәа аусеицуразы ааигәатәи азԥхьагәаҭақәа ирылацәажәеит.