Дауҭ Хәытаба ихантәаҩрала мшаԥымза 3 рзы имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак аилатәара.
Амш азҵаара инақәыршәаны иахәаԥшит «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рзинмчқәа рыҿҳәара ацҵаразы» азакәанапроект.
Ишәгәалаҳаршәоит, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа ррыцхәуи аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рдепутатцәа ралхра арыцхәуи ахьеиқәшәаз иахҟьаны,
2025 шықәса жәабранмза 18 рзы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәараҟны ирыдыркылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рзинмчқәа рыҿҳәара ацҵаразы» азакәан ала азинмчқәа рыҿҳәара иацҵан 2025 шықәса рашәарамза 7 рҟынӡа.
Иахьа Аилак зыхцәажәаз азакәанапроект ирыднагалеит аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рдепутатцәа рзинмчқәа 2025 шықәса абҵарамза 8-нӡа иацҵазарц.
Аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рдепутатцәа рзинмчқәа рыцҵара аҭахны иҟоуп ҳтәылаҟны алхрақәа ирыбжьоу аамҭа ацҵаразы. Хәакырамза 1 азы Аԥсны Ахада иалхразы аҩбатәи атур мҩаԥысит.
Иара убас иазгәаҭатәуп аус зуа «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рзинмчқәа рыҿҳәара ацҵаразы» Азакәан аус зуа аредакциала алхрақәа ҳтәылаҟны массала атуристтә аамҭа аартра иақәшәоит», - аҳәоит азакәанапроект азы аилыркаагатә шәҟәы аҟны.
Ахцәажәара аихшьалақәа рыла Аилак абжьгара ҟанаҵоит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәараҟны ари азакәанапроект актәи аԥхьараан рыдкыларазы.
Анаҩс адепутатцәа ахаәԥшит «Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩразы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәан апроект.
Уи азырхиоуп Аԥсны Ахада иҟны иҟоу атәылауаҩра азҵаарақәа рзы Акомиссиа аилазаара закәанԥҵарала ашьақәырӷәӷәара хықәкыс иҟаҵаны.
Аилак алахәцәа азыӡба рыдыркылеит ари азҵаара Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа изаамҭанатәиу аилатәарахь анагара актәи аԥхьараан адкыларазы.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

03.04.2025
Поделиться в соцсетях: