НОВОСТИ

Ашәба Лаша Аԥсны жәлар Мшаԥныҳәа рыдиныҳәалеит.
20.04.2025
Поделиться в соцсетях:

Ашәба Лаша Аԥсны жәлар Мшаԥныҳәа рыдиныҳәалеит.

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Аԥсны жәлар Мшаԥныҳәа рыдиныҳәалеит.
Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит аиашахаҵара ныҟәызго ақьырсианцәеи егьырҭ ақьырсиантә конфессиақәа зегьы рхаҭарнакцәеи Мшаԥы Лаша аныҳәа!

Мшаԥы Лаша аиҭеира, аԥсҭазаара аҿиара, ажәабжь бзиақәа, агәыӷра, агәырӷьара ирсимволуп.

Абри аҽны ҳара аҳатыреиқәҵара, ауаажәларра рҳәоуеиқәшәара, аҭынчра аиқәырхара иазку ақьырсианра аҵасқәа ҳаҽрылархәны аиашахаҵаратә ныха имҩаԥнаго аусқәа ҳаҭырла, ҭакԥхықәрала ҳрызнеиуеит.

Қьырса Игылара амш – Мшаԥы ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь бзиақәа ацны инеиааит.

Анасыԥ, агәабзиара, агәамч, Анцәа  илԥха шәыцзааит зегьы!

Ҽаанбзиала шәнеилааит!

Қьырса Дгылт!