НОВОСТИ

Ашәба Лаша III Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа аартра далахәын
12.05.2025
Поделиться в соцсетях:

Ашәба Лаша III Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа аартра далахәын

Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқара Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҟны иаатит  Аԥсны Аҳәынҭқарра азеиԥш иурисдикциа змоу аӡбарҭақәа 102 шықәса рхыҵра иазку III Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа «Аԥсны Аҳәынҭқараҟны азинӡбара».

Аконференциа аартра далахәын Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша.

Азинӡбаразы атәылауаа рзинқәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра аӡбаратә система аҭагылазаашьа аҿиара ахырхарҭақәеи аӡбараеиҿкаара апроблемақәеи аконференциаҟны ирылацәажәоит аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, азинхчьаратә еиҿкаарақәа, иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҵаҩцәа, аҵарауаа, апрактикаҟны аус зуа аспециалистцәа Аԥсны Аҳәынҭқарраҟнытә, Урыстәылатәи Афедерациаҟнытә.