НОВОСТИ

 Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лашеи адепутатцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра ашколқәа раушьҭымҭацәа ахьтәи араӡни медалқәа рыҭара иазкыз аусмҩаԥгатә иалахәын
03.07.2025
Поделиться в соцсетях:

Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лашеи адепутатцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра ашколқәа раушьҭымҭацәа ахьтәи араӡни медалқәа рыҭара иазкыз аусмҩаԥгатә иалахәын

Р.Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониаҟны имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра ашколқәа раушьҭымҭацәа ахьтәи араӡни медалқәа рыҭара иазкыз аусмҩаԥгатә.

Аушьҭымҭацәа рыдныҳәаларазы иааит Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лашеи адепутатцәеи.

Сынтәа ахьтәы медал ранашьоуп хҩык аушьҭымҭацәа: Аҩӡба Анна Алиас-иԥҳа, Бжьаниа Наала Вадим-иԥҳа, Быҭәба Алиса Беслан-иԥҳа.

Аҵара аминистр Гәынба Хана урҭ ахьтәы медалқәа рнапы иалыркит. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада  Гәынба Бадра аушьҭымҭацәа дрыдныҳәалеит, ҳамҭас ириҭеит аԥаратә сертификатқәа.

Аҵара аминистрра аԥшьгарала еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны ианаамҭаз амедалқәа змауыз 2002 – 2006 шықәсқәа раушьҭымҭацәа иахьа ахьтәи араӡни медалқәа ранаршьеит Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лашеи Аԥыза-министр Владимир Делбеи.

Аныҳәатә хәылԥазы хыркәшан концертла.