Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Аԥсны жәлар Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдиныҳәалеит.
Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!
Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш.
Ҳаҧсадгьыл асимвол хадақәа ируаку – Аҧсны Аҳәынҭқарра абираҟ ҳаҭырқәҵара дула ҳазнеиуеит. Уи зхы иақәиҭу аҳәынҭқарра иатрибутны иҟоуп, Аҧсны Аҳәынҭқарра аҭоурых аныҧшуеит, иҷыдоу амчгьы амоуп.
Аҳәынҭқарратә бираҟ иаҵагыланы 1992-1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ҳаибашьцәа аибашьра мҩа ианысит, Аиааира и-Абираҟны иагьыҟалеит. Ҳара ҳбираҟ абиԥарақәа реимадара иасимволуп, ҳажәлар рпатриоттә доуҳамч арӷәӷәоит, ҳтәылауаа еиднакылоит Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра аиқәырхаразы ирымоу агәазыҳәараҟны.
Аҧсуа жәлар еицакра зқәым иреиӷьу рҵасқәеи уаҵәтәи рҧеиҧши ныҟәызго Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟ ҳаҧсадгьыл наӡаӡа иахашәыршәырлааит!
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

23.07.2025
Поделиться в соцсетях: