НОВОСТИ

Нанҳәамза 15 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Хатәгәаԥхаралатәи аибашьҩы имш азгәарҭоит
15.08.2025
Поделиться в соцсетях:

Нанҳәамза 15 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Хатәгәаԥхаралатәи аибашьҩы имш азгәарҭоит

Нанҳәамза 15 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Хатәгәаԥхаралатәи аибашьҩы имш азгәарҭоит.

Уи инамаданы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәеи Аԥсны жәлари рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.  


Ҳаҭыр зқәу Хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа – 1992–1993 шш. – Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа! Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Нанҳәамза 15 – Хатәгәаԥхаралатәи аибашьҩы имш иҷыдоу, наунагӡа ҳҳәынҭқарра аҭоурых ианылаз рыцхәуп.    
1992-шықәсазтәи нанҳәамзазы, ақырҭуа архәҭақәа ҳтәыла ралалара иахҟьаны еиҳа ианыуадаҩыз амшқәа раан, Аԥсны Аҩадатәи Кавказынтә ацхырааразы иааз раԥхьатәи хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа аднакылеит. Урҭ раара аиаша, ахьӡ-аԥша, ахақәиҭра аҳәаақәа ишнырымкыло атәы шьақәнарӷәӷәеит.  

Рҭаацәа, рыҩны, рнапы злакыз аусқәа ааныжьны, ҳаибашьцәа иарӷьажәҩаны инарыдгылеит аԥсуа жәлар рыдгьыл аҿы анхаразы ирымоу азин рыцыхьчаразы. Урҭ иаадырԥшыз адгылареи ахамеигӡареи иаҳгаз Аиааираҟны аҵак дуӡӡа змоу факторны иҟалеит.
  
Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит аамҭа хьанҭақәа раан иааны иҳадгылаз зегьы, аибашьра иацу ауадаҩрақәа зхызгаз.  
Ҳхырхәоит Аԥсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз ргәалашәара аҿаԥхьа. Хьыӡҳәала иаҳгәалашәоит хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа зегьы. Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит урҭ злыҵыз аҭаацәарақәа, рхьаа рыцеиҩаҳшоит гәык-ԥсык ала.  

Хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа рфырхаҵара – ҳара зегьы ҳаидызкыло, аиаша аиааира шаго азы иҳамоу агәрагара зырӷәӷәо акы акәны иҳацуп есқьынгьы.  
  
Акыр иаԥсоу хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ақәранҵыра, аҭынчра, анасыԥ ҭаацәаныла!