Лаша Ашәба адышшылара ҟаиҵеит Олег Боциев иԥсҭазаара иалҵра инамадны
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Алада Уаԥстәыла Ареспублика Ацҳаражәҳәаҩ Олега Боциев иԥсҭазаара иалҵра инамаданы иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит.
Адышшылараҟны иҳәоуп:
«Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент гәалсра дула адышшылара ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Алада Уаԥстәыла Ареспублика Ацҳаражәҳәаҩ Олега Боциев иԥсҭазаара иалҵра инамаданы.
Тҟәарчал ақалақь аҟны ииз Олег Боциев ибзианы идыруан ажәларқәа риашьара, аинтернационалтә еиҩызара, аицхыраара иамоу аҵак ду. Уи иԥсҭазаара зегьы Аԥсны Аҳәынҭқарра, ҳҳәынҭқарра ахьыԥшымразы ақәԥара иадҳәалан.
Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Алада Уаԥстәыла Ареспубликеи рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиараҟны, ҳпарламентбжьаратә еимадарақәа рырӷәӷәараҟны илагаламҭа.
Ҳусураҟны ҳара иара иҟнытә есқьынгьы адгылара ҳаман, ҳиқәгәыӷуан.
Олег Боциев игәалашәара лаша ҳгәаҿы инхоит».
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

29.08.2025
Поделиться в соцсетях: