НОВОСТИ

Апарламент адепутатцәа рыԥсшьара мшқәа рышьҭахь аусура напы адыркит
09.09.2025
Поделиться в соцсетях:

Апарламент адепутатцәа рыԥсшьара мшқәа рышьҭахь аусура напы адыркит

Аԥсны  Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа рыԥсшьара мшқәа рхыркәшара ашьҭахь цәыббрамза 9 рзы аусура напы адыркит.

Иахьа, цәыббрамза 5 рзы имҩаԥысит есымчыбжьатәи аусуратә еилацәажәара. Аилацәажәара мҩаԥигеит Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша.

Аилацәажәараан иазааҭгылеит ааигәатәи русура, уи аҩныҵҟа иҟоуп имҩаԥысраны иҟоу ҭагалантәи асессиа аилатәарақәа рыҟны изхәаԥшуа хазы игоу азакәанапроектқәа.