НОВОСТИ

Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша ААУ аректор А,А. ГӘарамиа Иира амш идиныҳәалеит
07.09.2025
Поделиться в соцсетях:

Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша ААУ аректор А,А. ГӘарамиа Иира амш идиныҳәалеит

Аԥсны  Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша  Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аректор А.А. Гәарамиа Иира амш идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

"Ҳаҭыр зқәу Алеко Алексеи-иԥа!

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит акрызҵазкуа аиубилеитә рыцхә – 85 шықәса шәхыҵра амш!

Шәара ахаангьы ҳҳәынҭқарра аԥсҭазаараҟны аҵак ду змоу ахҭысқәа рыгәҭа шәгылан. Шықәсарацәала Шәара аҭҵаарадырреи, аҵараиура асистемеи, Аԥсны Аҳәынҭқарра аргылареи рыхьӡала хамеигӡарак ҟамҵакәа имҩаԥыжәгоз аусура иабзоураны ҳажәлар раҳаҭырқәҵара шәаԥсаны шәҟалеит.  

Шәара аҵарауаҩ, арҵаҩы, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аректор иаҳасабала хьӡи-ԥшеи згымыз амҩа шәанысит. Аԥсны алахьынҵа аӡбаразы азҵаара анықәгыла аамҭазы Шәара Аԥсны Иеиҳаӡоу Асовет адепутатс шәалхын, ара иаарԥшын ԥсабарала ишәылаз аполитикатә ҟәыӷара.
    
Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аректор иаҳасабала Шәара ишәылшаз рацәоуп ҳреспубликаҿы иреиҳаӡоу аҵараиура арҿиараҟны, акымкәа аҵарауааи аҳәынҭқарратә усзуҩцәеи рабиԥарақәа реиҵааӡараҟны.  
  
Иуадаҩыз 1992–1993 шш. рзы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Шәара ҭакԥхықәра дула шәазнеит ҳреспубликазы зыквалификациа ҳараку аспециалистцәа разыҟаҵара аус.  
  Хара ахә ҳаракны иаҳшьоит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университети М. В. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университети, Урыстәылатәи Афедерациеи, егьырҭ атәылақәеи иреиҳау рҵараиурҭақәа жәпакы аус рыцура арҿиараҟны хаҭалатәи шәлагаламҭа. Шәара напхгара зышәҭо Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет ҳтәылаҟны иналукааша ҵараиуратә центрны иҟоуп. Шәлагаламҭа азгәатоуп иара убас азеиԥштәи абжьаратәи иҷыдоу аҵараиура арҿиараҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵара аминистр имаҵураҟны шәыҟазаараан.

Адунеитә мҽхакы змоу аҵарауаҩ иаҳасбала Шәара шәыхьӡ Аԥсны анҭыҵ хара ирылаҵәахьеит.    
Иналукааша шәылшамҭақәа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахә ҳаракны иашьеит «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара шәанашьарала, Аҭҵаарадырратә усзуҩы ҳәа ишәыхҵоу ахьӡ аԥснытәи аҭҵаарадырра арҿиараҟны шәлагаламҭа азхаҵара иазҳәоуп.    

Иҳараку апрофессионализм, мҽхакыҭбаала ахәыцра, ҳтәыла ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара азҵаарақәа инарымаданы аконструктивтә позициа, адазҳәазҵам аиҿкааратә ҟыбаҩи анапхгаҩы ибаҩхатәреи ААУ аколлектив аҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа рыӡбара шәылдыршоит, аҭҵаарадырреи амилаҭтә ҵараиуреи рырҿиара, жәларбжьаратәи аимадарақәа рырӷәӷәара иацхраауеит.

Ҳаҭыр зқәу Алеко Алексеи-иԥа! Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, ахирра, аԥхьаҟагьы шәнапы злаку аус дуқәа рыҟны аихьӡарақәа!"