Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Аҟәа араион Синоп аҳабла даҭааит, ара амҩақәеи анхарҭа ҩнқәеи ақәыршҩы иахҟьаны аԥхасҭа роуит.
Ашәба Л. амшцәгьа иахҟьаны аԥхасҭа зауыз аҩнқәеи ауадақәеи зтәу аҭыԥантәи ауаа дырԥылеит, драцәажәеит. Уи иалхҩцәа адгылара рыҭо, иреиҳәеит ари азҵаара анагӡаратә усбарҭақәа ахылаԥшра шарҭо, Аҟәа Администрациаҟнытә изыхәҭоу ацхыраара рырҭараны ишыҟоу.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ
23.09.2025
Поделиться в соцсетях: