НОВОСТИ

Адепутатцәа Лакоба Станислав аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара иазкыз аусмҩаԥгатә иалахәын
24.09.2025
Поделиться в соцсетях:

Адепутатцәа Лакоба Станислав аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара иазкыз аусмҩаԥгатә иалахәын

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лашеи адепутатцәеи иналукааша аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩы, амилаҭ хақәиҭратә қәԥара аветеран,  аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, апрофессор, аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩы, алитератор, Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет – Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент I ааԥхьара адепутат Лакоба Станислав аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара иазкыз аусмҩаԥгатә иалахәын.

Алахьеиқәратә усмҩаԥгатә иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра, Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан, аԥыза-министр Делба Владимир, Аиҳабыра алахәцәа, аҭҵаарадырра аусзуҩцәа, ауаажәларра ахаҭарнакцәа.