НОВОСТИ

Лаша Ашәба Аҟәа Ахақәиҭра амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит
27.09.2025
Поделиться в соцсетях:

Лаша Ашәба Аҟәа Ахақәиҭра амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Аҟәа Ахақәиҭтәра амш азы Аԥсны жәлар дрыдныҳәалеит.

Ҳаҭыр зқәу 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа!

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит ҳҳәынҭқарра  аҳҭнықалақь – Аҟәа ақалақь амш!
1993 шықәса цәыббрамза 27 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа хьӡа-ԥшала ржәылараан Аҟәа ақалақь ахы иақәиҭтәын. Аҳҭнықалақь ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рыҟнытә ахы ақәиҭтәра 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира агара ҵаҵӷәыс иаиуит.

Хашҭра рықәӡам ҳфырхацәа – ҳаҳҭнықалақь ахақәиҭтәра зхы ақәызҵаз Аԥсуа ар аибашьцәа. Урҭ рфырхаҵара ҿырԥшыганы иҟазаауеит наунагӡа ҿыц игыло абиԥарақәа рзы.  Иахьа иҳавагылоу аибашьра аветеранцәа  ирзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, ақәранҵыра ду.  

Ҳреспбулика Аԥсны аԥеиԥш лаша ачаԥара мҩаԥысуеит ҳаззықәԥоз ахақәиҭра есааира ишьақәырӷәӷәо. Ишәҭлааит, иеизҳазыӷьалааит ҳаҳҭнықалақь Аҟәа ахьыԥшымреи аԥсуа жәлар ракзаареи ирсимволны, аԥеиԥш бзиа иадырганы.  

Ҽаанбзиала шәнеилааит, акыр иаԥсоу аҩызцәа, Аҟәа Ахақәиҭра амш шәыдысныҳәалоит зегьы!